АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 23:18

Бадра Гәынба: Ҟабарда-Балкариеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа рыхә ҳаракны иаҳшьоит

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба диԥылеит жәларбжьаратәи аекономикатә форум ахь иааз Ҟабарда-Балкариатәи ареспублика ахада Казбек Коков.

Гәынба инаҵшьны иазгәеиҭеит ҩ-республикак реимадара аҭоурых ҵаула шамоу.

«Ҟабарда-Балкариеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи реизыҟазаашьа шәышықәсала ишьақәгылон. Урҭ рыхә ҳаракны иаҳшьоит. Сара раԥхьа иргыланы иазгәасҭарц сҭахуп Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан хатәгәаԥхарала еибашьуаз ҳашьцәа. Урҭ рыцхыраара ҳгәы шьҭнахит, аӷа иҿаԥхьа ҳхала ҳшыҟам ҳнарбеит», - иҳәеит Гәынба.

Аԥсны ахада иара убасгьы иазгәеиҭеит Ҟабарда-Балкариа Аԥсни рыбжьара ԥхьаҟатәи аусеицура ахырхарҭа хадақәа. «Ҳара аекономикатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара иазырхоу аетап ҿыц ахь ҳаиасуеит. Сгәыӷуеит урҭ рырҿиаразы алшара ҳауп ҳәа.

Ҳара ҳзы акрызҵазкуа хырхарҭаны иҟоуп аиҭанеиааира арманшәалара. Иаҳҭахуп Ҟабардантәи ҳашьцәа еиҳа лассы-лассы иааларц. Ҳтәыла ашәқәеи ҳтәылауаа рыгәқәеи еснагь шәара шәзы иаартуп», - иҳәеит Бадра Гәынба.

Казбек Коков иакәзар, ааԥхьаразы иҭабуп ҳәа реиҳәеит, Аԥсны аҿиара ахәшьара ҳаракы аиҭеит.


Read 28 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.