АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 18:41

Бадра Гәынба Аԥснытәи жәларбжьаратәи аекономикатә Форум аусура аихшьалақәа ҟаиҵеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба ахҳәаа аиҭеит I Аԥснытәи Жәларбжьаратәи аекономикатә форум аусура, иагьазгәеиҭеит атәыла жәларбжьаратәи апозициақәа рырӷәӷәареи аекономика аҿиареи рзы уи аҵак хада шамоу.

Гәынба иазгәеиҭеит аусмҩаԥгатә иалкаау аӡбамҭақәа аус рыдуларазы акрызҵазкуа ҭыԥны ишыҟалаз:

«Аихшьалақәа ҟаҵо, алахәылаҩцәа зегьы иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп аусеицуразы иаашәырԥшыз агәазыҳәаразы. Агәра ганы сыҟоуп иҳабжьаҳҵаз аиқәшаҳаҭрақәа шынагӡахо. Ҳара Аԥсны жәларбжьаратәи апозициақәа рырӷәӷәареи, аекономикатә усеицура аҿиареи рзы ауснагӡатәқәа рыӡбара ҳаԥхьа ишьҭоуп. Арҭ аӡбамҭақәа рыда ҳекономика аҿиара алацәажәара залшом. Ҳамчқәа еилаҵаны ҳгәы иҭаҳкыз ахықәкқәа зегьы наҳагӡароуп», – иҳәеит Гәынба.

Аҳәынҭқарра ахада афорум алахәылацәеи асасцәеи зегьы гәык-ԥсыкала иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

«Иҷыдоу аџьшьара ажәақәа рзысышьҭуеит Урыстәылатәи аделегациа анапхгаҩцәа – Урыстәылатәи Афедерациа ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои , Урыстәылатәи Афедерациа аиҳабыра рхантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Александр Новаки, Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспублика ахада Алан Гаглоеви, Урыстәыла афедералтә усбарҭақәа рхаҭарнакцәеи, иара убас Урыстәылатәи Афедерациа абанктәи аусуратәи секторқәа рхаҭарнакцәеи.

Афорум аихшьалақәа, жәаҳәарада, Аԥсны аекономика аҿиареи, уи аинвестициатә гәазыҳәареи рзы аҵак ду рымазаауеит. Урҭ ԥхьаҟатәи аԥеиԥш азы амҩатә хсаалагак иаҩызахароуп», — ҳәа иажәа хиркәшеит Бадра Гәынба.


Read 161 times - Асабша, 04 Мшаҧы 2026 23:11
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.