АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 21:31

Дбари Лакобеи рымҩеихдаҿы иҭачуа аӡы иадҳәалоу ауадаҩрақәа ӡбахоит

Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба инапынҵала, Аинрал С. Дбар имҩаҿы ақәаршҩытә ӡымҩангага шьаҭанкыла аиҭашьақәыргыларазы аусурақәа ирылагеит.

Аусурақәа мҩаԥнагоит Аҟәа ахадара Амуниципалтә унитартә наплакы амҩа еиҭашьақәыргыларатә усбарҭа.
Шамахамзар ақәа анаулаак есымша Аинрал Дбари Лакобеи рымҩеихдаҿы аӡы ҭаҷуеит, убри инамаданы иӡбан аусурақәа хацыркызарц ҳәа аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара апресс-маҵзура.

Иахьазы апластикатә ӡымҩангагақәа рышьҭаҵаразы аусурақәа мҩаԥысуеит. Ари амҩаду аҿы иҟаз ажәытә ӡымҩангагақәа аҵлақәа рдацқәа ааха ахьрынаҭаз инамаданы ирыӡбеит уажәы амҩна инаваҵаны ишьҭарҵарц.

Лакоба имҩа инаркны Коӷониа имҩанӡа наҟ-ааҟ ишьҭарҵоит 500 диаметр змоу аӡымҩангагақәа, иара убас Дбар имҩеи аԥшаҳәеи реихдара азааигәара ишьҭарҵоит 1000 мм иҟоу апластикатә ӡымҩангага. Ақәаршҩытә ӡы еидызкыло аихацқәа змоу абетонтә ҵеџь ҿыцқәа 10 шьақәыргылахоит. Абасала, иарбоу амҩа ахәҭаҿы иҭачуа аӡы иадҳәалоу ауадаҩрақәа ӡбахоит», - ҳәа иҳәеит амҩа еиҭашьақәыргыларатә усбарҭа адиректор Дмитри Аҳәба.

Аӡымҩангага аура 325 метра инаӡоит.


Read 62 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.