Гәдоуҭа араион ахада Асҭамыр Аргәын аколлективи араионтә усбарҭақәа рнапхгаҩцәеи дыдирдырит актәи ихаҭыԥуаҩ Валентин Лев-иԥа Ҭраԥшь.
Ҭраԥшь Валентин Лев-иԥа диит 1969 шықәса ажьырныҳәамза 31 рзы, Караганда ақалақь аҿы.
1983 шықәсазы иани иаби дрыцны Аԥсныҟа, Ҟәланырхәа ақыҭахь диасит.
1987-1989- аррамаҵзура дахысуан.
1994 ш. далгеит Маиҟәаԥтәи автомашьына-мҩатә техникум.
2006 ш. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет далгеит «Амашьынақәеи автомашьынатә нхамҩеи» рзанааҭ ала.
30 шықәса инареиҳаны Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рыҟны еиуеиԥшым амаҵурақәа рҿы аус иуан.
Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра далахәын. Ианашьоуп «агәымшәаразы» амедал.
Дҭаацәароуп, ҩыџьа ахшара драбуп.






