Ацәыргақәҵаҿы иӡыргоуп Баграт Шьынқәба ироман «Ацынҵәарах» амотивқәа рыла Баҭал Џьапуа иҭихыз аусумҭақәа. Иара убраҟа ицәыргоуп аусумҭақәа рсериа «Аублаа», абыргцәа рпатреҭқәа уҳәа ирацәаны асахьақәа.
22.Лаҵара.2026
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи уи ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәааи ацәыргақәҵа «Зыԥсадгьыл зцәыӡыз — зегьы ицәыӡуеит» иаҭааит
Аекспозициа аатит лаҵараиза 21 азы амилаҭтә галереиаҿы.






