АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 9:58

Афон Ҿыцтәи афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит агала-концерт

Афон Ҿыцтәи аҳаԥы аҩныҵҟа иӡырган ари амузыкатә форум аҿы зегь реиҳа аҵакы змоу апрограммақәа руак.

Асолистцәа: Илиа Легатов, Ельнара Караханова, Кристина Ешба, Витторио Ԥлиа, Леон Барас, Мариа Емилиа Терзиан-Ҳагба, Асҭанда Џьыкырба.

Ахәылԥаз аартуа амҩаԥгаҩ илҳәеит иахьатәи агәырӷьара афырхаҵа хада — амузыкатә коллектив ҿыц, Афон Ҿыцтәи афестиваль Жәларбжьаратәи аҿартә хор шакәу. Иаԥиҵеит, аколлектив дахагылеит Барас Кәыџба. Барас Кәыџба Пицундатәии Афон Ҿыцтәии афестивальқәа рсахьаркыратә напхгаҩы, рдиректор, Аԥсны Аҳәынҭқарратә хортә капелла адирижиор, П.И. Чаиковски ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә консерваториа аушьҭымҭа иоуп.

Барас Кәыџба иазгәеиҭеит ахор ишалахәу хә-тәылак рхаҭарнакцәа (Урыстәыла, Китаи, Беларуссиа, Ҟазахсҭан, Аԥсны.) Ахор аԥҵара аидеиа Пицундатәи афестиваль аҭоурых иадҳәалоуп.

«2023 шықәса инаркны уа афестиваль мҩаԥаагоит. Ҳтәылазы уи акырӡа аҵанакуеит, ҳхы ӡыраҳгалароуп. Сара агәра ганы сыҟоуп аҟазара, аҭоурых, аҵаралашара рыбзоурала ишҳалшо уажәы иҟоу ауадаҩрақәа зегьы риааира. Убри аҟнытә аҟазара амч агәра згоит. Сгәы иаанагоит ажәларқәа амузыка иабзоураны еиҳа еиӷьны еилибакаауеит ҳәа. Уи азы иаԥысҵеит еиуеиԥшым атәылақәа рхаҭарнакцәа еидызкыло аколлектив. Уи шьахәуп ҳәа исыԥхьаӡоит», - иҳәеит Кәыџба.


Read 17 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.