АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 11:40

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Кәырбан-ныҳәазы аԥсылманра ныҟәызго ҳџьынџьуаа дрыдныҳәалеит

 «Акыр иаԥсоу ҳџьынџьуаа!
 Аԥсны шәыҟоума, атәым ҳәынҭқаррақәа рыҟны шәыҟоума, аҧсылман дин ныҟәызго ҳџьынџьуаа шәыхьыҟазаалак гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Ид аль - Адха - Кәырбан-баирам ныҳәа.

 Ари аныҳәа символра азнауеит агәыҳалалра, арыцҳаибашьара, доуҳала аҽрыцқьара, аихаҵгылара.
Аԥсынтәыла ахаангьы ауаҩы динс иныҟәигозаалаак ҳаҭырқәҵарыла иазнеиуан. Ас еиԥш иҟоу азнеишьа ауаажәларра реидгылара, ҳаҭырла реизыҟазаашьа алнаршоит.

Абри аныҳәа амш аҽны ишәзеиӷьысшьоит агәабзиара, агәамч, аихьӡарақәа, шәнапы злаку аусқәа рыҟны аманшәалара.
Ҩнаҭацыԥхьаӡа иҟазааит аҳәоуеиқәшәара, аилибакаара, уаҵәтәи амш агәрагара».


Read 11 times
Иҵегь ари акатегориаҟны « Акыр иаԥсоу ҳаушьҭымҭацәа!
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.