Уи иахҟьаны асценаҿы ахықә иқәгылоу ахаҵеи аԥшатлакә иаҩызоу аԥҳәысбеи еиҿаҳауеит.
Аспектакль ргәы иақәшәоит аԥсҭазаараҿы, хымԥада, аҩбатәи алшара ыҟазароуп ҳәа изыԥхьаӡо зегьы.
Арежиссер ақәыргылаҩ — Роман Сабуа. Арольқәа нарыгӡоит: Беслан Хьиба (Емилио), Есма Кәыҵниа (Луиза).
01.Рашәара.2026
Аспектакль «Аԥшьбатәи аҟәардә» аԥхьарбара мҩаԥысит Аԥсуа театр аҿы
Тонино Гуерреи Лиусиль Лакси рпиесаҿы иаарԥшуп аҽшьра иазхиоу ахаҵа иӡбахә, аха аҵыхәтәантәи аамҭазы аԥсҭазаара илахьынҵа аԥсахуеит, иаалырҟьаны длықәшәоит уаҩ иаҭахым амаҭәарқәа змоу, абзазаратә химиа зҭиуа аԥҳәызба.






