Атурнир аԥҟарақәа инақәыршәаны, аиааира агоит иреиҳаӡоу акатегориа А аҿы еиҳа ирацәаны ахьтәы медалқәа згаз акоманда. Сынтәа Сириуси Аҟәеи ркомандақәа еиҟароу алҵшәақәа аадырԥшит, ԥшьы-хьтәы медалк ранашьахеит. Аха абаллқәа рхыԥхьаӡарала Сириус акоманда актәи аҭыԥ ааннакылеит.
Азеиԥш зшьаҿы алҵшәақәа абас еихшахеит:
Аҟәа-ахьтәы медалқәа 4
Сириус – ахьтәы медалқәа 4
Санкт-Петербург-хьтәы медалк
Лугансктәи жәлар рреспублика-хьтәы медалк
Ермантәыла- хьтәы медалк
Аҟәатәи акоманда А акатегориаҿы ахьтәы медалқәа ирыԥсахеит Адлеиба Софиа, Боџьгәуа Софиа, Дениченко Паулина, Кәыҵниа Хьыбла.
сегодня 16:25
Иаарту Жәларбжьаратәи атурнир «Ақалақь Ахада ихраҿа» мҩаԥысит Аҟәа
Иаарту жәларбжьаратәи атурнир «Ақалақь Ахада ихраҿа» мҩаԥысит рашәарамза 20 рзы Аҟәа. Уи иалахәын 136-ҩык агимнасткацәа Аԥсни (ақалақьқәа Аҟәа, Гагра, Афон Ҿыц), Урыстәылеи (Ареспублика Адыгеиа, Лугансктәи жәлар рреспублика, Краснодар, Санкт-Петербург, Сириус) Ермантәылеи рҟынтәи.






