АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Рашәара.2026

Аԥсны аминистрцәа реилазаара 2027 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет апроект аус адулара аԥҟарақәа шьақәнарӷәӷәеит

2027 шықәсазы аҳәынҭқарратә биуџьетнҭыҵтәи афондқәа рбиуџьетқәеи ареспубликатә биуџьети рзы азакәанқәа рыпроектқәа реиқәыршәара иадҳәалоу аусура аиҿкааразы ақәҵара аднакылеит аминистрцәа реилазаара.

Атәыла афинанстә документ хада аус адулара аетапқәеи аҿҳәарақәеи шьақәдыргылеит:

Ԥхынгәымза 15, 2026 шықәсанӡа, аекономика аминистрра аминистрцәа реилазаарахь аус адуланы инанашьҭыроуп 2027 шықәсазтәи Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара азԥхьагәаҭа.

Жьҭаарамза 1, 2026 шықәсанӡа, афинансқәа рминистрра ихадоу ахышәарақәа ҳасаб рзуны 2027 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет арбага хадақәа шьақәнарӷәӷәароуп. Аԥхьаӡарақәа шьаҭас ироуеит аекономика аминистрра иҟанаҵо амакроекономикатә зыԥхьагәаҭара, иара убас аус зуа абиуџьеттә, ашәахтә, аҳазалхратә закәанԥҵара.

Иарбоу ақәҵара иааиуа афинанстә аамҭазы ареспублика абиуџьеттә политика ашьақәыргылара аофициалтә процесс хацнаркуеит.


Read 36 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.