АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 22:26

Аԥсны еизгоу акоманда актәи аҭыԥ ааннакылеит Аҟәа ихыркәшахаз таитәи абокс азы иаарту жәларбжьаратәи атурнир аҿы

Аԥсны еизгоу акоманда актәи аҭыԥ ааннакылеит Аҟәа ихыркәшахаз таитәи абокс азы иаарту жәларбжьаратәи атурнир «Гьаргь Аиааирагаҩ ихраҿа» аҟны ҳәа аанацҳауеит Аспорт азы Аҳәынҭқарратә еилакы.

Аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит Москватәи акоманда, ахԥатәи - Чечентәылатәи Ареспублика еизгоу акоманда.
 
Аицлабрақәа ирылахәын 300-ҩык инарзынаԥшуа Аԥсни Урыстәылатәи Афедерациа арегионқәеи рҟынтәи аспортсменцәа. Атурнир аҳамҭақәа рзы иқәԥон Москвеи Москватәи аобласти, Подольски, Серпуховеи, Краснодартәи атәылаҿацәи, Чечентәылатәи Ареспубликеи, Даӷьсҭан Ареспубликеи, Донецктәи Жәлар Рреспубликеи, Аԥсны Аҳәынҭқарреи рхаҭарнакцәа.
 
Атурнир мҩаԥысуан еиуеиԥшым ақәратә категориақәа ирыҵаркуа аспортсменцәа рыбжьара - 10-11 шықәса зхыҵуа аҷкәынцәеи аӡӷабцәеи инадыркны ахацәеи аҳәсеи рҟынӡа. Иара убасгьы аицлабрақәа рҳәаа иҭагӡаны имҩаԥысит 6-7, 8-9 шықәса зхыҵуа алахәылацәа рыбжьара ахәмарратә еиԥыларақәа.
 
«Гьаргь Аиааирагаҩ ихраҿа» аантәуп Аҟәа имҩаԥысуеижьҭеи.


Read 13 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.