Ақалақь амш ашьақәыргылареи аофициалтә символика ашьақәырӷәӷәареи рзы аԥшьгара ҟаиҵеит Гәдоуҭа араион ахада Асҭамыр Аргәын. Араионтә Еизара адепутатцәа еицҿакны уи иҟаиҵаз ажәалагалақәа ирыдгылеит.
Асҭамыр Аргәын адепутатцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит иҟарҵаз адгыларазы. Иара иажәақәа рыла, ирыдыркылаз аӡбамҭақәа Гәдоуҭа араион атуристтәи аекономикатәи ҿиареи иацхраауеит.
вчера 0:35
Гәдоуҭа ақалақь амш азгәаҭаразы официалла цәыббрамза 7 алхуп
Гәдоуҭа араионтә еизараҿы ишьақәырӷәӷәоуп, Гәдоуҭа амш анымҩаԥысуа арыцхәи ақалақь аофициалтә герби, аус зуа азакәанԥҵара инақәыршәаны уи ахархәара аиуеит амуниципалтә усбарҭақәа рофициалтә документқәеи рсимволикеи рҿы.






