АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 8:11

«Ауарӷан аиқәшәо абжьы» захьӡу раԥхьатәи аконцерт қәҿиарала имҩаԥысит Пицундатәи ауахәама аконцерттә зал аҿы

Апрограмма иалахәуп жәларбжьаратәи аицлабрақәа рлауреатцәа Валери Барганџьиа (ауарӷан), Елена Ҳагба, Нана Черқьезиа (асопрано), Мариа Иамакова (афортепиано), иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарратә камертә оркестр асолистцәа Мариа-Емилиа Терзиан-Ҳагба (аскрипка), Николаи Ружавински (альт).

Есԥшьаша, асааҭ 17:00 рзы Пицундатәи ауахәамаҿы ахәаԥшцәа ирзыԥшуп аклассика адунеи ахь узго амузыкатә ныҟәара, уаҟа ауарӷан абжьи амузыкатә инструмент рыбжьи еиларсуп.

Апрограммаҿы иҟоуп еиуеиԥшым аепохақәеи ажанрқәеи ирыҵаркуа аԥшӡареи, агәацԥыҳәареи, аемоциа лашақәеи рыла иҭәу адунеитә классикатә музыка.

Аконцерт иалагаанӡа, 45 минуҭ рыла азыӡырҩцәа рзы хәыда-ԥсада 20 минуҭ ицо аекскурсиа мҩаԥысуеит, урҭ ирзеиҭарҳәоит ауахәамеи ауарӷани ирызку ажәабжьқәа.

Инарҭбаау адырразы аҭел: +79407431414

Абилеҭқәа аашәхәар шәылшоит адаҟьа https://ticketme.biz аҿы


Read 103 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.