АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 20:01

Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, ААУ апрофессор, Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист Екатерина Бебиа лышәҟә ҿыц «Иҳаҩсхьоу аҵабырг» аӡыргара мҩаԥысит ААУ аҿы

Урысшәалеи аԥсышәалеи иҭыжьу ашәҟәы зымҽхак ҭбаау аҭоурых-документалтә автортә сериа «Аԥсны аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз» иахәҭакуп, аԥшьбатәи томуп.   Арецензентцәа ишазгәарҭо ала, ари аусумҭа харада-барада ааха зауз ҳџьынџьуаа рыхьӡқәа рыриашаразы автор 45 шықәса иааиԥмырҟьаӡакәа имҩаԥылгоз лыҭҵааратә усура аихшьаала ҟанаҵоит.

Бебиа лусумҭа ҿыц Манча Бениеи Иури Ԥкьыни ргәалашәара лаша иазкуп. Иҵаулоу аҭҵаарадыра-публицистикатә усумҭа  азкуп Гагреи Пицундеи, ашьха

иаԥну ақыҭа Ԥсҳәи, иара убас ақыҭақәа Лӡаа, Алаҳаӡы, Бармышь, Блабырхәа, Мгәыӡырхәа, Џьырхәа, Хәаԥ, Аацы, Анхәа, Аӡҩыбжьа, Кындыӷ, Арасаӡыхь, Гәыԥ, Баслахә, Река, Ҭхьына уҳәа руааԥсыра 1930-1940 ашықәсқәа раан изҭагылаз аџьамыӷәа цәгьа.

Ашәҟәы ианылеит имаӡаз архивтә документқәа, Арасаӡыхь ақыҭа аҭоурых иазку иуникалтәу аматериалқәа, автор иналукааша аҵарауаҩ Хәыхәыт Бганбеи лареи 1987 шықәса инаркны 1990 шықәсанӡа еизыргози, иара убас зыԥсы ҭоу амемуартә материали, Ирадион Лолуа игәалашәарақәагьы налаҵаны.

Хазы аабатәи ахаҿы автор Аԥсны Аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуҩцәа ирызку адыррақәа асистематизациа рзылуит, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Ефрем Ешба, Николаи Ақырҭаа, Незиф Хәанелиа уҳәа егьырҭгьы.

Ашәҟәы аҭыҵра алыршахеит Бадра Зураб-иԥа Гәынбеи, Рафаель Манч-иԥа Бениеи, Лиудмила Ирадион-иԥҳа Лолуеи рфинанстә цхыраара иабзоураны.

Асахьаркыратә еиҿкаашьеи ацәа асахьеи ҭихит  еицырдыруа аԥсуа сахьаҭыхҩы Баҭал Џьапуа.


Read 48 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.