АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 3:03

Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Аҷыдалкаатәи Азинмчнаӡеи змоу Ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра агәраргагатә шәҟәқәа инапы иаиркит

Ԥхынгәымза 17 рзы Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Аҷыдалкаатәи Азинмчнаӡеи змоу Ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра агәраргагатә шәҟәқәа инапы иаиркит.

Аныҳәатә церемониаҟны аҳәынҭқарра Ахада ажәахә ҟаиҵеит, уа инаҵшьны иазгәеиҭеит ари амаҵураҭыԥ аҟны аԥышәа змоу аҳәынҭқарратә усзуҩ, апрофессионалтә дипломат иаҭара  ҳтәылақәа рыбжьара аидгыларатә еизыҟазаашьақәа аринахысгьы рырӷәӷәара ишацхраауа.

«Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоуп еицакра змам аиҩызареи, аидгылареи, агәреибагареи. Ҳаизыҟазаашьақәа шьаҭас ирымоуп азеиԥш ҭоурых, аҳаҭыреиқәҵара, аидгылара, ҳажәларқәа ршәарҭадареи, иҭышәынтәалоу рыҿиареи, реизҳазыӷьареи ралыршаразы наҟ-ааҟ иҳамоу агәазыҳәара», — иҳәеит Бадра Гәынба.

Аҳәынҭқарра Ахада иқәгылараҿы иҭабуп ахиҳәааит Урыстәылатәи Афедерациа  аҳәынҭқарратә суверенитет арӷәӷәареи, ашәарҭадара аиқәырхареи, асоциал-економикатә ҿиареи рҿы Аԥсны  ианаҭо ганрацәалатәи адгылара. Атәыла Ахада иара убас иазгәеиҭеит Урыстәыла Ахада Владимир Путин ареспублика инеиԥынкыланы ганрацәала иаиҭо ацхыраареи ҩ-ганктәи аусеицура арӷәӷәараҿы хаҭалатәи илагаламҭеи.

Гәынба Бадра иҳәеит Аԥсны анапхгара ацҳаражәҳәаҩ ҿыц инапы злаикуа аусқәа зегьы рыҟны гәрагарала аус ицура ишазхиоу.

Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ аҭак ҟаҵо, иқәгылараҿы ишьақәирӷәӷәеит ихьыԥшым, ҳаамҭазтәи, адемократиатә ҳәынҭқаррак аҳасабала Аԥсны Аҳәынҭқарра ашәарҭадара аиқәырхареи иҭышәынтәаланы аҿиареи рзы Урыстәылатәи Афедерациа имҩаԥнаго аполитикатә хырхарҭа ԥсахрада ишымҩаԥысло атәы.

«Қәҿиарала имҩаԥысуа апроектқәа, хымԥада, ирныԥшуеит Урыстәылеи Аԥсни рыжәларқәа инарҵауланы реидгылара, рабдуцәа ргәалашәареи рдоуҳа-уаҩышәаратә ҵас бзиақәеи ҳаҭырқәҵарала ишазыҟоу, аԥхьаҟа игыло абиԥарақәа рԥеиԥш азы ирыду аҭакԥхықәра ишазхәыцуа атәы», — иҳәеит Виачеслав Гладков.


Read 31 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.