Аҩбатәи атрансформатор анықәдыргылалак ашьҭахь астанциа маҷ азеиԥш мчхара 50 МВА иреиҳахоит. Уи иалнаршоит Очамчыра араион фымцамчла аиқәыршәара, ареспублика мрагыларатәи ахәҭаҿы акоммерциатә сектор аҿиаразы аинфраструктуратә ԥкрақәа раԥыхра.
Уи инаваргыланы аҳасаббаратә мыругақәа рышьақәыргылара иаҿуп, уи ирҿыцу амыругақәа ирықәу аидара ланарҟәыроуп, акаҭақәа рҿы акоммерциатәи атехникатәи цәыӡқәа аркьаҿроуп.
Амодернизациа Очамчыра ахәҭаки, иара убас Маркула, Кәтол, Ҷлоу, Отаԥ, Ҭхьына, Мықә, Тамшь, Араду, Џьгьарда, Ӷәада, Лабра уҳәа ақыҭақәеи фымцалашарала реиқәыршәара иацхраауеит.
Иҭышәынтәалоу афымцалашара роуеит уа иҟоу асоциалтә усбарҭақәагьы.






