АЖӘАБЖЬҚӘА

20.Нанҳәа.2026

Ахәаԥшцәа иалыркааит 95-тәи атеатртә сезон иреиӷьу артистцәеи аспектакльқәеи

Ахәаԥшцәа рыбжьыҭира имҩаԥысыз абжьыҭира аихшьаалақәа рыла С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр 95-тәи атеатртә сезон иреиӷьу артистцәеи, арежиссиори, ақәыргыламҭақәеи рыхьӡ ҳәан.

Иреиӷьу спектакльны иԥхьаӡоуп Евгени Шварц испектакль «Аҳәынҭқар ҟьантаз». Иара убас ари ақәыргыламҭа иреиӷьу актиортә ансамбль азы аҳамҭа анашьоуп, ароль хада назыгӡо Алхас Шамба асезон иреиӷьу актиор ҳәа ихьӡ ҳәоуп.

Иреиӷьу арежиссиор ҳәа далкаауп Адгәыр Ақаҩба ақәыргыламҭа «Акрал Лир» азы. Лана Џьопуа иреиӷьу аԥҳәыс лроль азы далкаауп,

аспектакль «Акрал Лир» аҿы иналыгӡоз Корделиа лроль азы.

Аноминациа «Аҩбатәи аплан аҿы иреиӷьу аҳәса рроль» аҟны далкаауп «Акрал Лир» аҿы Регана назыгӡоз Ашьна Ҳагба. «Аҩбатәи аплан аҿы иреиӷьу актиорс» далхуп Фридрих Шиллер испектакль «Мариа Стиуарт» аҿы Кеннеди Алорди ррольқәа назыгӡаз Саид Кәакәасқьыр.

Иреиӷьу ашьҭыбжьтә еиҿкааразы аҳамҭа иоуит Алан Чамлар, Антон Чехов испектакль «Аҷныш» аус адуларазы. Акостиумқәа рзы иреиӷьу сахьаҭыхҩуп ҳәа далкаауп Диана Допуа, аспектакль «Мариа Стиуарт» иазлырхиаз акостиумқәа рзы, иреиӷьу сахьаҭыхҩы-ақәыргылаҩуп Гарри Дочиа Михаил Рощин испектакль «Аешелон» азы.

Абжьыҭира мҩаԥган атеатр афоие аҿы ахәаԥшцәа рыбжьара, уаҟа ицәырган актиорцәеи, арежиссиорцәеи, аспектакльқәа рыхьӡқәеи зну анкетақәа.


Read 326 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.