Нанҳәамза 26, 2008 шықәса рышьҭахь Аԥсны аԥсҭазаараҿы хра злоу аиҭакра дуқәа ҟалеит. Урыстәылатәи Афедерациа адгылара иабзоураны ареспубликаҿы асоциал-економикатә ҿиара ашьаҭа акит.
Урыстәыла Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара иахылҿиааит егьырҭ атәылақәа разхаҵарақәагьы. Цәыббрамза 5, 2008 ш.Аԥсны азхазҵаз аҩбатәи тәыланы иҟалеит Никарагуа. Шықәсык ашьҭахь, цәыббрамза 10, 2009 ш. Аԥсны аофициалла Венесуела иазханаҵеит. Лаҵарамза 29, 2018 ш. Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит Шьамтәыла.






