АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 12:15

Аԥснытәи ачаи раԥхьаӡа акәны Ростовтәи атәылаҿацә аҿы имҩаԥысуаз Урыстәылазегьтәи аҿартә аграртә форум аҿы иӡырыргеит

Аԥснытәи аҿар рделегациа алахәуп цәыббрамза 6-10 рзы Ростовтәи атәылаҿацә аҿы имҩаԥысуа Урыстәылазегьтәи аҿартә ҵаратә форум «Ростов». Аусмҩаԥгатә агроааглыхратә комплекс аҿиареи, ақыҭа ҵакырақәеи, ақыҭанхамҩа аусхк аҟны жәларбжьаратәи аусеицуреи ирызкуп.
Афорум 2025 шықәсазы раԥхьаӡа акәны аԥсуа делегациа аналахәха жәларбжьаратәи аҩаӡарахь инеит. 2026 шықәсазы апроект агеографиа акыр аҽарҭбааит.
Апрограмма аҿыцрақәа ируакхеит раԥхьаӡа акәны аԥсуа чаи аӡыргара.
 
«Ҳчаи аԥхьагылара змоу атехнологиақәа ралагалара иабзоураны ахаҭабзиара иреиӷьу астандартқәа ирықәшәоит», - ҳәа аинформмаҵзура Аԥсныпресс иазеиҭеиҳәеит анаплакы «Екочаи» анапхгаҩы Адгәыр Гьергьиа.

Read 25 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.