АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 15:31

Аекологиатә шәарҭадаразы аексперт Владимир Мурашов аекономикатә ҿиареи, аинформациатә технологиақәеи, анаплакра адгылареи рзы Ауаажәларратә палата Акомиссиа аилатәараҿы ацрыҵқәа рполигон апроблема аӡбаразы етап-етаплатәи аплан ӡыригеит

Иара игәаанагарала,актәи аетап аан аполигон аҳәаақәа шьақәыргыланы иахәҭоу адокументациа еиқәыршәатәуп, иара убас атехника аахәатәуп. Аҩбатәи аетап аан-апроект аус адуланы аобиект асанитартә нормақәа ирықәшәо иҟаҵатәуп.
Мурашов инаҵшьны иазгәеиҭеит апроблема ареспубликатә ҩаӡараҿы асистематә знеишьа шаҭаху, ажәалагала ҟаиҵеит апрограмма аус адуларазы апрофильтә усбарҭа аԥҵазарц.
Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аиҭеит ацрыҵқәа хаз-хазы реизгара.
 
«Аилыԥшааратә комплекс ишақәнагоу аус ауӡом уи аԥхьа агәамсам еилыхны еизгамзар», - иҳәеит Мурашов.
Аексперт ажәалагала ҟаиҵеит ҩ-гәамҭрак рыла иалагарц, ауааԥсыра рыбжьара аекологиатә дырақәа рыладырҵәаларц, ашколқәа рҿы имҩаԥырго аекоурокқәагьы уахь иналаҵаны.

Read 31 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.