АЖӘАБЖЬҚӘА
сегодня 12:29
Аԥсны цәыббрамза 20 рзы имҩаԥысуеит абжьыҭара Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума IX ааԥхьара адепутатцәа ралхразы
Абжьыҭира амҩаԥгаразы Аԥсны иахьаҵанакуа еиҿкаауп 50 алхырҭатә ҭыԥ. Урҭ зегьы аатит асааҭ 08:00 рзы, аус рулоит асааҭ 20:00 рҟынӡа.
Аҭыԥқәа рҭыӡҭыԥқәа шәрыхәаԥш Аԥсныпресс асаит аҿы...
Абжьыҭира рхы аладырхәыр рылшоит иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо, мамзаргьы аамҭала иҟоу. Ахаҭара шьақәзыргыло атәылауаҩшәҟәы рыцзароуп.






