АЖӘАБЖЬҚӘА
сегодня 11:27
Жәлар реизара алахәылацәа абжьгара ҟарҵеит Урыстәылатәи Афедерациеи дареи ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра ацҵаразы аԥкаанҵа аратификациа азырурц
Жәларбжьаратәи апарламентбжьаратәи еимадарақәеи ҳџьынџьуаа рымадареи рзы аилак, 2028 шықәса ԥхынҷкәынмза 31 рҟынӡа Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәа ирзыршәо аԥара азы Урыстәылатәи Афедерациеи дареи ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра ацҵаразы азакәан апроект иахәаԥшит.
Аилатәара мҩаԥысит Алхас Барцыц ихантәаҩрала. Азакәан апроект алацәажәара рхы аладырхәит Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахаҭарнакцәа.
Аиқәшаҳаҭра аусура ацҵаразы аԥкаанҵа анапы аҵаҩуп Москва нанҳәамза 17, 2026 шықәсазы.
Азҵаара ахәаԥшра аихшьаалақәа рыла аилак алахәылацәа еицҿакны апарламент иабжьыргеит асессиа аилатәараҿы азакәан апроект рыдыркыларц.






