АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 22:17

Цәыббрамза 27 рзы 33 шықәса ҵуеит Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет ар рҟынтәи ахы иақәиҭыртәижьҭеи

Ахьӡ-аԥша апарк аҿы 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз Рмемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит.

 Иҭахаз ргәаладыршәарц иааит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба, ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, аԥыза-министр Владимир Делба, Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба, ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков, Жәлар Реизара адепутатцәа, Аиҳабыра, аибашьра аветеранцәа, хатәгәаԥхарала еибашьуаз, иҭахаз рыуацәа.

Цәыббрамза 27, 1993 шықәса рзы аԥсуа ар ацәыӡ дуқәа шрымазгьы Аҟәа ахы иақәиҭыртәит. Ари ахҭыс ишьақәнарӷәӷәеит ақырҭуа агрессорцәа ирҿагыланы аибашьраҿы аԥсуа ар аиааира шыргаҵәҟьаз.

 12 мшы ицоз аԥсуа аҳҭнықалақь ахақәиҭтәразы аоперациа напхгара арҭон атәылахьчара аминистр, аинрал-маиор Сулҭан Сосналиеви Аԥсны Арбџьармчқәа рыштаб хада аиҳабы, аинрал-маиор Сергеи Дбари.

Анаҩстәи хымш ирылагӡаны аԥсуа ар Егры аӡиас ахь инаскьеит, цәыббрамза 30 рзы Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә ҳәааҿы ишьақәыргылан Аԥсны аҳәынҭқарра абираҟ.


Read 60 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026 Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.