АЖӘАБЖЬҚӘА
вчера 23:23
Нхыҵ Кавказынтәи хатәгәаԥхарала еибашьуаз Аслан Абаев: «Сашьа арыцҳара дҭагылоуп — ус анакәха, ацхыраара ҟаҵатәуп»
Цәыббрамза 30 рзы Аԥсны иазгәанаҭоит Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш. Аныҳәа аламҭалазы «Аԥсныпресс» акорреспондент диҿцәажәеит Нхыҵ-Кавказтәи хатәгәаԥхарала еибашьуаз Аслан Абаев, уи Аҟәа ахақәиҭтәреи, иеибашьратә мҩеи, Аԥсны иара изы изгәакьоу ҩнны изыҟалази ирызкыз игәалашәарақәа ҳацеиҩишеит.
Аҟәа ахақәиҭтәреи Аминистрцәа рхеилак ахыбра ажәлареи ирызкны
- Аслан, иаҳзеиҭашәҳәа аҳҭнықалақь ахақәиҭтәра амш шәара шәзы ишалагаз?
- Аухантәарак уажәы Аҟәатәи иаарту аинститут ахьыҟоу иаҳхаагеит. Ашьыжь шаанӡа акәзар, адырра ҳарҭеит Аминистрцәа рхеилак ахыбра ахы ишақәиҭыртәхьоу. Ԥхьаҟа ҳнаскьеит. Ахәыҷтәы хәышәтәырҭа ҳанавсуаз пулемиот мцарала иаҳԥылеит. Леселиӡе имҩала (уажәы — Абазинскаиа амҩа) ҳцар акәхеит. Апрокуратура ахыбра азааигәара дырҩегьых мцала иаҳԥылеит. Абас еиԥш иҟаз аидыслара хьанҭақәа рҟынтәи шьаҿа-шьаҿала ишьақәгылон ақалақь ахақәиҭтәра.
- Уи аҽны Аминистрцәа рхеилак ахыбраҿы аԥсуа бираҟ ахадыргылахьан. Ари ахҭыс иазкны иахьагьы ацәажәарақәа рацәоуп.
- Уи шԥаҟаҵәҟьаз?
— Аӷа икоманда зегьы ахыбра идәылыргеит-ишәгәалашәозар, уа аибашьра ашьҭахь акраамҭа ателехәаԥшра ыҟан. Абираҟгьы иара уаҵәҟьа иахадыргылеит. Аха уажәы хыҵхырҭақәак рҿы ишырыҩуа еиԥшҵәҟьа иҟамызт зегьы. Ахыцәқәан иахадыргылеит ҳәа рыҩуеит, аха ахыб усҟан аӡәгьы дзықәломызт — ахыбра амца акын, зегьы былуан. Ахыбра армарахьтәи аган аҿы абираҟ шьақәдыргылеит.
Аишьцәа аибашьрахь ицарц шырыӡбаз иазкны
- Аибашьрахь шәанца, зынӡа шәқәыԥшын. Шаҟа шықәса шәхыҵуази, насгьы ишԥашәыдышәкылеи уи аӡбамҭа?
- Араҟа, аибашьраҿы, 20 шықәса схыҵит. Ижәдыруеит, аԥсуаа ҳашьцәоуп ҳәа ҳрааӡон. Уашьа арыцҳара дақәшәазар уицхраароуп. Аҭаацәараҿы гәыҩбарак, ма еилибамкаарак ыҟамызт. Раԥхьа афронт ахь дцеит сашьеиҳаб Руслан. Уи дҭахеит Мрагыларатәи афронт аҿы. Сишьҭаланы сҿынасхеит. Шьҭа сара дсышьҭаланы Аԥсныҟа дааит ҳашьеиҵбгьы.
Аԥсны аиааиреи ахьыԥшымреи рымш иазкны
- Акыр шәыззыԥшыз аиааира амш аҟынтәи шәцәаныррақәа ҳзеиҭашәҳәар ҟалома?
- Уи еиҭаҳәашьа амаӡам. Ас еиԥш иҟаз аемоциақәа ажәала иузҳәом, уи хаҭала иухыугар акәын. Ганкахьала — агәырӷьара ду, даҽа ганкахьала — алахьеиқәра ҵаула. Рыцҳарас иҟалаз, зегь реиҳа ахьаа ду — уажәшьҭа иузмырхынҳәуа аҷкәынцәа рцәыӡра ауп.
- Аибашьра ашьҭахь шәыԥсҭазаара шԥаҟалеи?
-Ижәдыруеит, сара 1992-тәи ашықәсқәа рзы арахь сшааз еиԥш саанхеит. Аԥсны сара сыҩны акәхеит. Аибашьра ашьҭахь акыр аус суан. Уажәы атәанчарахьы сцахьеит, ара сынхоит, зхақәиҭразы ҳақәԥоз ауаа срылоуп.






