АЖӘАБЖЬҚӘА
сегодня 15:44
Аҟәа Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш азы аконцерт мҩаԥысит
Р.Гәымба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә филармониаҿы имҩаԥысит Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш иазкыз аныҳәатә концерт.
Апрограмма хацыркын Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы Владислав Арӡынба 1992 шықәса нанҳәамза 14 — Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра актәи амш азы ажәлар рахь иҟаиҵаз ааԥхьара архивтә видеонҵамҭала.
Ахәылԥаз амҩаԥгаҩцәа ахәаԥшцәа иргәаладыршәеит ареспублика ацхырааразы иааз раԥхьатәи хатәгәаԥхарала еибашьуаз. Нанҳәамза 15, 1992 шықәса рзы Сулҭан Сосналиев зхадараҿы дыҟоу Ҟабарда-Балкариантәи раԥхьатәи агәыԥ атәылахь иааит. Аибашьра ашықәсқәа раан аԥсуа жәлар ирыцеибашьуан Нхыҵ Кавказынтәи хатәгәаԥхарала иааз, Алада Урыстәыла аказакцәа, егьырҭ арегионқәеи атәылақәеи рхаҭарнакцәа, иара убас Ҭырқәтәылеи Мрагылара Ааигәеи рҟынтәи амҳаџьырцәа рхылҵшьҭрақәа. Иҭахаз ахьчаҩцәа минуҭктәи аҿымҭрала иргәаладыршәеит.
Аконцерттә программа рхы аладырхәит ареспубликаҿы иналукааша ашәаҳәаҩцәеи арҿиаратә коллективқәеи: Алхас Ферзба, Мана Братухина, Ҭемыр Ҭаниа, Альдона Цкәуа, Џьими Шәманиа, афортепианотә дует Piano Duo, Аԥсны аҳәынҭқарратә камертә оркестр.
Амузыкатәи апоезиатәи номерқәа ирыцын арратә кинохроника.
Ахәылԥаз иҷыдоу сасны даҭааит Ҟарачы-Черқьессктәи Ареспублика зҽаԥсазтәыз артист Сулҭан Лагучев.
«Ҳара ҳзы шәара шәгәымшәара аамысҭашәареи аидгылареи ирҿырԥшыгоуп. Ҳара абиԥара ҿа ҳшәызгәдууп», - азал ахь ихы нарханы иҳәеит артист.
Афилармониа асценаҿгьы иқәгылеит Ҟабарда-Балкариантәи ашәаҳәаҩ Алим Аталикови Башкортосҭантәи иааԥхьаз ашәаҳәаҩцәеи. Ахәылԥаз аиҿкааҩцәа хазы иазааҭгылеит Башкортосҭани дареи реиҩызара, иргәаладыршәеит аибашьра ашықәсқәа раан ареспублика ишацхраауаз — анефҭаалыҵқәа раагара, ахәцәа рыхәышәтәра, Уфа аԥсуа студентцәа разыҟаҵара, иара убас иазааҭгылеит Аҟәатәи аԥшаҳәа арԥшӡараҿы иҟарҵо ҳаамҭазтәи адгылара.
Аныҳәатә усмҩаԥгатә хыркәшахеит Аԥсны жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи рзы аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз ансамбль ақәгылара.






