АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 12:07

Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҵара аминистр Хана Гәынԥҳа арҵаҩцәа ирыдылныҳәалеит рзанааҭтә ныҳәа – Арҵаҩы имш

Адныҳәалараҿы иаҳәоит:
«Ҳаҭыр зқәу арҵаҩцәа!
Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҵара аминистрра аусзуҩцәа рыхьӡала, хаҭала сыхьӡала ишәыдысныҳәалоит шәзаанаҭтә ныҳәа – Арҵаҩы имш!
Арҵаҩы имш - зеиӷьыҟам ныҳәоуп шәџьабаа даҽазныкгьы иалкааны азгәаҭаразы.
 
Ахәшьара аҭара цәгьоуп шәлагала изызҳауа аҿар рааӡараҿы, урҭ аԥсуа милаҭтә культуреи аҵасқәеи рылааӡараҟны. Шәдырреи шәҟазареи иахьа издышәҵо аҿар роуп уаҵәы шьаҟаны Аԥсны Аҳәынҭқарра иаҵагыло, аҭакԥхықәра ду здыло.
Арҵаҩы инапы иану аус иагьыуадаҩуп, ҳаҭыр дугьы ақәуп адунеи аҿы. Шәҿаԥхьа ҳхырхәоит! Иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит шәџьабаазы, иаашәырҧшуа ачҳаразы, ҭакԥхықәрала арҵаҩы иус шәахьазнеиуазы!Шәара аҵара дшәырҵоит, аҧсҭазаара ду иазыҟашәҵоит ҳҳәынҭқарра аизҳазыҕьаразы аҭакҧхықәра зхы иадызҵараны иҟоу абиҧара ҿа.
 
Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, ачҳара, шәнапы злаку аус ҧшьаҿы аихьӡара дуқәа! Шәҵаҩцәа реихьӡарақәа шәгәы шьҭырхлааит!».
Ҳаҭырла, Аминистр Х. В. Гәынба

Read 26 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026 Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.