Алахәылацәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо атәыла ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит афорум аҩ-тәылак рҿарацәа шеиднакыло, аԥышәа аимдаразы алшара шрынаҭо, агәреибагара арӷәӷәаразы ашьаҭа шышьҭанаҵо.
Бадра Гәынба игәалаиршәеит актәи аетап лаҵарамзазы Нальчик ишымҩаԥысыз, ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Ҟабарда-Балкариа ахада Казбек Коков дахьидгылаз азы.
«Аԥсни Урыстәылеи шықәсырацәалатәи аҭоурыхтә еимадарақәа рыбжьоуп. Арҭ аизыҟазаашьақәа рыӷәӷәара ҳәаақәнаҵоит аҳәынҭқарратә ҩаӡараҿы аинырра адагьы ауаҩытәыҩсатә еимадарақәагьы», - ҳәа азгәеиҭеит ахада, иагьациҵеит аҿар шракәу ҳтәылақәа ԥхьаҟа изго, аусеицура атрадициақәа ирыцызҵараны иҟоу.
Бадра Гәынба алахәылацәа ирзеиӷьеишьеит алҵшәа бзиақәа, афорум аартуп ҳәа рылеиҳәеит.






