Апрограмма иалахәуп жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рҭоурыхи ртеориеи ркафедра ахәбатәи акурс астудентцәа 16-ҩык. Ԥхьаҟатәи аспециалистцәа рзы еиҿкаан адунеитә ҭоурыхи ҳаамҭазтәи аглобалтә ҭагылазаашьеи ирызку алекциақәа рцикл.
Агәцаракра рымоуп Ҭырқәтәыла адәныҟатәи аполитика аконцептуалтә шьаҭақәа, жәларбжьаратәи атерроризм аҿагылара, Мрагылара Ааигәа агеополитикатә процессқәа, аекономикатә ҭоурых азҵаарақәа. Аԥшьгамҭа азырхоуп астудентцәа рзанааҭтә дыррақәа реизырҳара, рылаԥшҳәаа арҭбаара, жәларбжьаратәи академиатә еимадарақәа рырӷәӷәара.






