Делба Урыстәыла аргылара аминистрра иҭабуп ҳәа аиҳәеит иааиԥмырҟьаӡакәа ацхырааразы.
Алексеи Ересько иакәзар аиҭакра дуқәа ибап ҳәа агәыӷра ааирԥшит.
«Издыруеит ареспублика активла аҿиара ишаҿу, атуристцәа рхыԥхьаӡара ишацло, ареспублика аҭааразы азыҳәақәа ишрыцло, нас, ҳәарада, уи иашьашәалоу аинфраструктура аҿиара шаҭаху», - ҳәа азгәеиҭеит Ересько.
Аминистр ихаҭыԥуаҩ иара убасгьы ишьақәирӷәӷәеит Урыстәылатәи аган акоммуналтә системақәа реиҭарҿыцра аусхк аҟны аус здыруло аԥышәа аимдара ишазыхиоу.
Урыстәылатәи Афедерациаҿы акоммуналтә инфраструктура арҿыцразы афедералтә проект нагӡахоит - ари атәыла ду азы акырзҵазкуа усуп. Жәаҳәарада, ҳара ҳазыхиоуп ари аԥышәа Аԥсны ареспублика ауааԥсыра рыцеиҩшара атәыла еиҳагьы улаԥш адхалартә иҟаларц азы», - ҳәа азгәеиҭеит иара.
Аиԥылара иара убас иалахәын аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба, аекономика аминистр Ҭеимураз Амқәаб, Урыстәыла аусқәа рзы аамҭалатәи агәрага Максим Литвинов, Урыстәылатәи афедерациа аекономикатә ҿиара аминистрра апрограмма ҷыдақәа русбарҭа аиҳабы Антон Мельник.






