АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 12:48

Аҟәа, аминистрцәа Реилазаара аконференц-зал аҿы имҩаԥысит IV Жәларбжьаратәи Инал-иԥа иаԥхьарақәа

Аԥхьарақәа ирылахәыз бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, аԥсуаҭҵааратә институт адиректор Арда Ашәба иазгәеиҭеит IV Жәларбжьаратәи Инал-иԥа иаԥхьарақәа аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, иналукааша аҭоурыхҭҵааҩ, аетнограф, алитератураҭҵааҩ, афольклорист Шьалуа Денис-иԥа Инал-иԥа диижьҭеи 110 шықәса аҵра ишазку.

«Иахьатәи аиԥылара аԥсуа ҭҵаарадырра иналукааша ахаҭарнак игәалашәара аҳаҭыр адагьы, Кавказ ажәларқәа рҭоурыхи, ркультуреи, ретнографиеи, рбызшәеи, рлитературеи, рдоуҳатә ҭынхеи рыҭҵаара зусура азызкыз аҭҵааҩцәа еидызкыло акрызҵазкуа ҭҵаарадырратә хҭысуп. Уи иҭҵаарадырратә ҭынха агуманитартә дырраҿы аҭыԥ ҷыда ааннакылоит, аусумҭақәа рлагала шьахәуп Аԥсны аҭоурыхи аетнографиеи, аԥсуа жәлар ртрадициатә культуреи, рфольклори, рлитературеи, рбызшәеи рыҭҵаараҿы. Уи иҭҵаарақәа иалдыршоит ажәытәра еиҳа инарҵауланы азхәыцра адагьы аҭҵаарадырратә ԥшаара ахырхарҭа ҿыцқәа ралкаара, аҭҵааҩцәа рабиԥарақәа реимадара аиқәырхара. Уажәтәи аԥхьарақәа аҵак ҷыда рнаҭоит жәларбжьаратәи рҟазшьа»,- иҳәеит Арда Ашәба.


Read 13 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026 Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.