АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 19:37

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Вараздат Миносиан Аԥснытәи аҭҵаарадырратә абнатә ԥышәаратә станциа даҭааит

Абнатә нхамҩа Аҳәынҭқарратә усбарҭа анапхгареи Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахада актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Бебиеи злахәыз аусуратә еиԥылараан ирылацәажәан абнатә ҭаҵәахқәа хра рыманы рхархәара атәы, иара убас аинфраструктуреи аҭҵаарадырратә усмҩаԥгатәқәеи рыҿиаразы аҳәынҭқарратә дгылара аҭара азҵаарақәа.

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ изеиҭарҳәеит АбНИЛОС абнатә нхамҩа Аҳәынҭусбарҭеи дареи абнеиҭашьақәыргыларазы имҩаԥырго ауснагӡатәқәа ртәы. Ахәҭакахьала, ашыц аиҭаларҵәаразы аусура мҩаԥысуеит: ажәлақәа ирылырхуеит аиҭаҳатәқәа анаҩс абнахь еиҭарҳауеит.

Аԥышәатә станциа АбНИЛОС аԥҵан 1957 шықәсазы, Очамчыра араион. Иахьатәи аамҭазы уи аҵакыраҿы ирызҳауеит 1000 инареиҳаны аҵиаақәа рыхкқәа.


Read 38 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026 Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.