АЖӘАБЖЬҚӘА

21.Абҵара.2022

УРЫСТӘЫЛАТӘИ АИДГЬЫЛУАА АСОЦИАЛТӘИИ АЗИНТӘИИ АЦХЫРААРА РЫҬАРА АЗЫ АССОЦИАЦИА АГӘЫҲАЛАЛРАТӘ ФОНД «ПОДДЕРЖКА» ИАНАҬЕИТ 100 ЦЫРАК ИНАРЗЫНАԤШУА АКОРРЕКЦИАТӘ УСУРА АЗЫ АШӘҞӘҚӘА.

Аҟәа. Абҵарамза 21, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Урыстәылатәи аидгьылуаа асоциалтәии азинтәии ацхыраара рыҭара азы Ассоциациа згәабзиаара алшарақәа ԥку ахәыҷқәа ацхыраара рызҭо агәыҳалалратә фонд «Поддержка» ианаҭеит 100 цырак инарзынаԥшуа, акоррекциатә усура иазку ашәҟәқәа.

«Ҳамҭас ирыҭаз алитература иахьатәи амш азы апрофиссионалтә практика аҿы акыр актуалра злоу, Аԥсны инхо, згәабзиара алшарақәа ԥку ахәыҷқәа ацхыраара рыҭара иазку аусура аҿы ахархәара змоу материалны иҟоуп. Иҷыдоу ахәыҷқәа аус рыдызуло аспециалистцәа ацхыраара рыҭара аҿы ихадоу акакәны иҟоуп иарбоу аиҿкаарақәа реиԥш иҟоу аҵара-методикатә литература ала реиқәыршәара.  Даараӡа иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит иҳашәҭаз ацхыраара азы», - ҳәа илҳәеит афонд «Поддержка» адиректор Анетта Бганба-Павелкова.

Ахәҭакахьала, Урыстәыла аидгьылуаа асоциалтәии азинтәии ацхыраара рыҭара азы Ассоциациа анапхгаҩы Владимир Попов, иҟаҵоу ацхыраара  агәыҳалалратә фонд  «Поддержка» аусура аҿы ицхыраагӡаны иҟалар иара изы акыр аанагоит ҳәа иазгәеиҭеит.  

«Ҳара есымша аимадаразы ҳаартуп, иҳалшо ала ҳаидгьылуаа ацхыраара рыҭара ҳазхиоуп. Ҳара ҳзы акырӡа аанагоит иҟаҳҵо адгылара хра злоу аконструктивтә ҟазшьа аиура», -ҳәа иазгәеиҭеит иара.

Агәыҳалалратә фонд «Поддержка» ацентр «Логопед» адгыларала 2014 шықәса раахыс имҩаԥнаго аконсультативтә усура аҳәаақәа ирҭагӡаны  600-ҩык инарзынаԥшуа ахәыҷқәа аус рыдула алнаршахьеит. (90% хәыда-ԥсада). Афонд аусура ахырхарҭақәа ируакуп ацәажәаратә ҿиара аҿы аиҵахара, алалиа, аутизм, аинтеллектуалтә хьысҳара, уҳәа ачымазарақәа змоу ахәыҷқәа аус рыдулара.


Read 226 times - Ашәахьа, 21 Абҵара 2022 20:46
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.