АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Ԥхынҷкәын.2022

АҞӘА АРАИОН АҾЫ АГУМАНИТАРТӘ ЕИДАРА АЗЫ 10 ТОННАК АМАНДАРИНА ЕИЗГОУП.

Аҟәа. Ԥхынҷкәанмза 14, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа араион аҿы Ашықәс Ҿыц аламҭалазы ДЖәР, ЛЖәР, Херсонтәии Запорожтәии аобластқәеи рахь агуманитартә цхыраара ашьҭра азы 10 тоннак  амандарина еизыргеит.

Араион ахада Алхас Ҷыҭанаа агуманитартә еидара аизгара зхы алазырхәыз зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит. Уи агуманитартә цхыраара ашьҭра аиҿкаара аҽалархәразы агәазыҳәара аадырԥшит араион ауааԥсыра зегьы ҳәа иазгәеиҭеит.

Амандаринақәа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа инапынҵа ала Ашықәс Ҿыц аламҭалазы ДЖәР, ЛЖәР, Херсонтәии Запорожтәии аобластқәеи рахь ахәыҷқәа ирзышьҭхоит. 

 


Read 308 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.