АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Ԥхынҷкәын.2022

АМИЛАҬТӘ БИБЛИОТЕКА АХЫБРА ААИГӘАРА АԤСУА ШӘҞӘЫҨҨЦӘА РГӘАЛАШӘАРА АҲАҬЫР АЗЫ АҴЛАҚӘА ЕИҬАРҲАИТ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза  23, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  И. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә Библиотека ахыбра азааигәара аԥсуа шәҟәыҩҩцәа Дырмит Гәлиа, Самсон Ҷанба, Ӡаӡ Дарсалиа, Иуа Коӷониа, Миха Лакрба, Мушьни Ҳашба,  Иван Папасқьыр ргәалашәара аҳаҭыр азы аҵлақәа еиҭарҳаит .

Аллеиа аартра аԥсуа шәҟәыҩҩы Иван Папақьыр диижьҭеи 120- шықәса аҵра иамадахеит.

Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Абҳазоу аллеиа Аԥсны алитературатә блахкыгарҭаны ишыҟало, уи аҭыԥантәи ауааԥсыра реиԥш аҳҭнықалақь асасцәагьы гәахәрыла ишаҭаало азы агәыӷра аарԥшит.


Read 468 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.