АЖӘАБЖЬҚӘА

29.Ԥхынҷкәын.2022

ИХЫМԤАДАТӘИУ АМЕДИЦИНАТӘ БГАԤСА АФОНД ИААХӘАЗ АХИМИОМАҬӘАШЬАРҚӘА РЫХӘԤСА АШӘАРА АЗЫ 10 МЛН. МААҬ АЗОУНАЖЬУЕИТ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 29, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Апарламент адепутатцәа Ихымԥадатәиу амедицинатә бгаԥса Афонд 2022 шықәсазы абиуџьеҭ аиҭакрақәа алагалара азы ақәҵара рыдыркылеит. Афонд абиуџьеҭ аныхтәии ахашәалахәытә хәҭеи 10 млн.мааҭ рыла еизырҳахеит.  

Афонд ахашәалахәқәеи аныхтәқәеи рзеиԥш шәагаа шьақәырӷәӷәоуп. Уи азеиԥш еицҵалыҵ 55 млн 499,7 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

10 млн мааҭ ахимиотерапиа азы иаахәаз ахимиатә маҭәашьарқәа рыхәԥса ашәареи, иара убас апрепаратқәа ррезерв аԥҵареи рзы идәықәҵахоит.


Read 302 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.