АЖӘАБЖЬҚӘА

01.Жәабран.2023

АТӘЫЛА АМЕДИЦИНАТӘ УСБАРҬАҚӘА ААМҬА-АМҬАЛАТӘИ АФЫМЦАМЧ АҾЫХРА ИНАМАДАНЫ АДИЗЕЛЬ-ГЕНЕРАТОРҚӘА РЫЛА ЕИҚӘЫРШӘОУП.

Аҟәа. Жәабранмза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. «Амшынеиқәафымцамч» афымцамч ала аиқәыршәара аҿы аԥкрақәа рзы аграфик ҿыц алагалара инамаданы, атәыла агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба араионтәии ақалақьтәии ахәышәтәырҭақәа рҳақьым хадацәа дрыҿцәажәеит.  

Амедицинатә усбарҭақәа рхадацәа афымцамч аамҭала аҿыхрақәа ишазыҟаҵоу атәы еиҭарҳәеит, убри аан араионтәии ақалақьтәии ахәышәтәырҭақәа зегьы адизельтә генераторқәа рыла еиқәыршәоуп ҳәа иазгәаҭан.

Аппаратқәа зегьы аштаттә режим ала аус руеит, уи амедусбарҭақәа рҿы афымцамч ала аиқәыршәара аԥкрақәа ралагалара аамҭа азы атәылауаа рзы ихымԥадатәиу амаҵзурақәа ркомплекс амҩаԥгара алнаршоит.  

Аминистр Едуард Быҭәба иҟоу аҭагылазаашьа ахылаԥшра аҭареи есыҽны ахәышәтәырҭақәа русура азы адырра ирҭаларц азы анапынҵақәа ҟаиҵеит.


Read 216 times - Аԥшьаша, 02 Жәабран 2023 00:58
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.