АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Жәабран.2023

АԤСНЫ АНАПХГАРА АДГЬЫЛҴЫСРА АҾЫ ААХА ЗАУЗ ҬЫРҚӘТӘЫЛЕИ ШЬАМТӘЫЛЕИ РРАИОНҚӘА 300 НЫЗЫҚЬ ДОЛЛАР АЗОУНАЖЬУЕИТ.

Аҟәа. Жәабранмза 15, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Ахаша, жәабранмза 15 рзы Алхас Барцыц ихантәаҩрала иацҵахеит жәларбжьартәии апарламенттәи еимадарақәеи аџьынџьуаа рымадареи рзы апарламенттә Еилакы аилатәара.  Аилатәара азкхеит Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи иҟалаз адгьылҵысра аҿы ааха зауз агуманитартә цхыраара рыҭара азҵаарақәа.

Апарламенттә еилатәара ахь ааԥхьара зауз анагӡаратә мчра ахаҭарнакцәа иахьатәи амш азы агуманитартә цхыраара аизгареи уи ашьҭра иадҳәалоу аиҿкааратә зҵаарақәа рыӡбареи рзы иҟаҵоу азы адырра ҟарҵеит.

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа адгьылҵысра аҿы ааха зауз рзы еиҳа ихымԥадатәиу амаҭәа-аҩыҭәеи афатә аалыҵқәеи рзы адырра ҟаиҵеит. Уи ачашыла, ашьақар, ахәыҷқәа рзы афатә, ахызаԥхақәа, атрансформаторқәа, уҳәа роуп.

Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытаба аҭагылазаашьа ахшыҩзышьҭа азҭаз зегьы идуӡӡаны иҭабуп ҳәа реиҳәеит.  

Уи адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аганахьала зегьы иахьынӡауа ала ирласны инарҭбааны ацхыраара ҟалоит ҳәа иазгәеиҭеит.

Апарламент аҿы азинмчы змоу Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭарнак Анри Барцыц аилак аилатәара аҿы Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵала атәыла анапхгара аҿы Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи иҟалаз адгьылҵысра аҿы ааха зауз агуманитартә цхыраара рыҭара азы Аԥсны абиуџьеҭ аҟынтәи 300 нызықь доллар азоужьра азы аӡбамҭа рыдаркылеит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит.

«100 нызықь мааҭ Ҭырқәтәылаҟа адәықәҵара азԥхьагәаҭоуп, 200 нызықь доллар – Шьамтәылаҟа», – ҳәа иҳәеит иара.

Еизаз хара имгакәа Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи агуманитартә еидареи аԥаратә цхыраареи рдәықәҵара азҵаара ӡбахоит ҳәа иазгәарҭеит.  Аилатәара иалахәыз азакәанԥҵаратәии анагӡаратәии амчрақәа рхаҭарнакцәа ражәеи руси еилаҵаны аусура хра злоу алҵшәақәа шаанарԥшуа азы агәрагара ааддырԥшит. Участники заседания выразили уверенность, что совместная скоординированная работа  представителей законодательной  и исполнительной  ветвей власти даст положительный результат.


Read 184 times - Аԥшьаша, 16 Жәабран 2023 16:51
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.