АЖӘАБЖЬҚӘА

04.Мшаҧы.2023

АСЛАН БЖЬАНИА АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА ИУСБАРҬА АНАПХГАРАҬАРЕИ АТӘЫЛА АНАПХГАРА АХАҬАРНАКЦӘЕИ АЛАРХӘНЫ ЕСЫМЧЫБЖЬАТӘИ АИЛАЦӘАЖӘАРА МҨАԤИГЕИТ.

Аҟәа. Мшаԥымза 4,  2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа есымчыбжьатәи аилацәажәара мҩаԥигеит Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгараҭареи атәыла Аиҳабыра ахаҭарнакцәеи алархәны есымчыбжьатәи аилацәажәара мҩаԥигеит.

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган афымцамч ахархәара агәаҭаразы амыруга аахәара инамаданы аинфоструктуратә кредит иадҳәалоу аусмҩаԥгатәқәа рзы аизара иалахәыз адырра рылҭеит. Аҳәынҭқарра Ахада ари аусура арласразы адҵа ҟаиҵеит.

Аизара иалахәыз иара убас  иалацәажәеит афымцамч аусхк аҟны иҟоу  аҭагылазаашьа зеиԥшроу, ҷыдала, звольт ҳараку афымцацәаҳәа "Аҽгәара" аҟны имҩаԥгоу аусурақәа ртәы. Ҭыԥқәак рыҟны аҵла ҳаракқәа иахьрызҳауа иахҟьаны, авольт ҳаракқәа ашәарҭара рыцуп аҵла ахыцәқәа иахьырзааигәахаз азы. Аҳәынҭқарра Ахада  ацәаҳәамҩангагақәа ахьынӡацо ирԥырхагахо аԥыхразы адҵа риҭеит. Аҳәынҭқарра Ахада Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура рнапы ианиҵеит ари аус анагӡараҿы ацхыраара алыршаразы.

Иара убас иалацәажәеит «Апарт-отельқәеи апартаментқәеи рзинтә статус аҳәаақәҵаразы" азакәанапроект.  Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы  Лаша Ашәба иҳәеит адепутатцәа Аминистрцәа реилазаара аофициалтә саит аҟны икьыԥхьу азакәан апроект шырдыруа. Убри аан, ҳазҭагылоу аамҭазы азакәан апроект Аԥсны Жәлар Реизара ашҟа имнеиӡац.

Аилацәажәараҟны иазааҭгылан амшхәаҧштә аҟны иарбаз егьырҭ азҵаарақәа жәпакы, урҭ  рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп урыстәылатәи аилахәырақәа Аԥсны иахьаҵанакуа ринвестициатә усурақәа ирызку аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра азҵаарақәа, иара убас В. Арӡынба ихьӡ зху аҳаиртә баӷәаза иазку аинвестициатә проект азы аиқәшаҳаҭра.

 

 


Read 306 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.