АЖӘАБЖЬҚӘА

19.Мшаҧы.2023

Аԥсны аҭаҭын аалыҵи аникотин злоу аалыҵқәеи ҭзыжьуа ахәаахәҭратә маркақәа рӡыргаразы азин ҟалаӡом.

Аҟәа. Мшаԥымза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Жәлар Реизара-Апарламент «Аӡырга азы» азакәан аиҭакрақәа аланагалеит.

Убас, адәахьтәи аӡырга аҟаҵареи аӡыргатә еиқәыршәагақәа рышьақәыргылареи рзы иназыҵоу аԥҟарақәа алагалоуп.  

Аӡыргатә еиқәыршәагақәа ауаажәларратә шәарҭадара акала иаԥырхагахар ахьалшо, мамзаргьы ауааԥсыра иахьырзыманшәалам  аҭыԥқәа рҿы рышьақәыргылара ҟалаӡом.

«Зыдгалара мҩаԥгаз аусшәҟәы апроект хазы игоу атауарқәа, инҭкааны иуҳәозар, аҭаҭын аалыҵқәеи аникотин злоу аалыҵқәеи рӡыргара иамоу аҷыдарақәа ирызку аԥҟара ауп», –   ҳәа азакәан апроект адгалара мҩаԥго иҳәеит адепутат  Дмитри Маршьан.

Азакәан иалагалоу аиҭакрақәа инарықәыршәаны, аҭаҭыни аникотин злоу аалыҵқәеи ҭзыжьуа ахәаахәҭратә маркақәа рӡыргара ҟалаӡом.

«Уажәы иҟоу азакәанԥҵара аҿы аҭаҭын аалыҵ ҭзыжьуа ахәаахәҭратә маркақәеи абрендқәеи рӡыргара азы ақәыиҭымзаара азԥхьагәазҭо анормақәа арбаӡам, убри инамаданы аусдкылаҩцәа абренд ахьӡ аӡыргара азы алшара рзаԥҵахоит, урҭ игәҭакымкәа ауаа рыхдырра анырра арҭоит, избан акәзар иара абренд ахаҭа ауааԥсыра аҭаҭын аалыҵ ргәаланаршәоит, иара убри ала раалыҵ аҭирагьы иацхраауеит», - ҳәа иҳәеит Дмитри Маршьан.  

Иара убас аҭаҭынахагатә маҭәахәқәа рӡыргарагьы ҟалаӡом, аҭаҭынжәгақәа, ацигареҭ қьаад, амцаркыгақәа, аникотин злоу аалыҵ ахархәара иазку аиқәыршәагақәа, акалианқәа уахь иналаҵаны.

Иалагалахо аиҭакрақәа, адепутатцәа ргәаанагарала, аҭаҭын ахара апропаганда аҿагылара аинструментқәа ируакхоит.


Read 297 times - Ашәахьа, 24 Мшаҧы 2023 16:48
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.