АЖӘАБЖЬҚӘА

25.Мшаҧы.2023

Урыстәылатәи Афедерациа иҟоу Аԥсны абжьгаҩ-цҳаражәҳәаҩ Дмитри Кетиа жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа «Иннопром» ихы алаирхәит.

Аҟәа. Мшаԥымза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Урыстәылатәи Афедерациа иҟоу Аԥсны абжьгаҩ-цҳаражәҳәаҩ Дмитри Кетиа жәларбжьаратәи ааглыхратә цәыргақәҵа «Иннопром» ихы алаирхәит, иара убас уи Евразиатәи аекономикатә комиссиа ахаҭарнакцәа дырԥылеит. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәылатәи Афедерациа иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа апресс-маҵзура.

Ташкент ақалақь, мшаԥымза 25 – 27 рзы имҩаԥысуа ацәыргақәҵа аҿы иҿыцу ҳаамҭазтәи атехнологиақәа ралагалара, иара убас урыстәылатәии аҳәаанырцәтәии аилазаарақәа русеицура  азҵаарақәа жәпакы  ирылацәажәоит.

Дмитри Кетиа  Европатәи аекономикатә Еидгылара (ЕАЭС) ахаҭарнакцәа дырԥыло Урыстәылатәи Афедерациа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа аус ацура, иара убас акомиссиа анапхгараҭареи Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниеи реимадара ашьақәыргылареи ирыдҳәалаз азҵаарақәа дрылацәажәеит.


Read 229 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.