АЖӘАБЖЬҚӘА

25.Мшаҧы.2023

Абираҟқәа кны аиасра, аконцерт, адыге джегу: Аԥсны аедыгь бираҟ Амш азгәарҭеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аедыгь (ачарқьазтә) бираҟ Амш иазкын ахәылбыҽха Аҟәа ақалақь Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы имҩаԥысыз аныҳәатә ыиасра.

Аиасра иалахәыз аедыгьааи аԥсуааи рбираҟқәа кны С.У.Багаԥшь ихьӡ зху аплошьад ианысит, анаҩс Аԥснытәи адраматә театр аҿаԥхьа аедыгьтәии аԥснытәии арҿиаратә коллективқәа рконцерт мҩаԥысит.  

Аиасра рхы аладырхәит 60-ҩык инарзынаԥшуа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан аедыгь жәлар рдиаспора, Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи рҟынтәи иааз амҳаџьырқәа рхылҵышьҭрақәа рхаҭарнакцәа, иара убас аҭыԥантәи ауааԥсыреи аҳҭнықалақь иаҭааз асасцәеи.

Акциа иалахәыз аӡәырҩы Кавказ ажәларқәа рмилаҭтә шәҵатәқәа ршәын.

Аконцерттә программа алагаанӡа аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба иааиз зегьы бзиала шәаабеит ҳәа реиҳәеит, аиашьаратә аедыгь жәлар рбираҟ Амш рыдиныҳәалеит, ирзеиӷьаишьеит аҭынчреи аизҳазыӷьареи ахирреи.

Чечентәылатәи ассоциациа ахантәаҩы Валери Маремкулов аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аусмҩаԥгатә аиҿкаареи амҩаԥгареи рҿы иҟанаҵаз адгылара азы иҭабуп ҳәа иҳәеит.

«Иахьа ҳашьцәа аедыгьқәа рзы акыр зҵазкуа амшқәа ируакуп. Аҳәынҭқарратә Еилакы ари аусмҩаԥгатә аиҿкаараҿы иҟанаҵаз адгылара азы иҭабуп ҳәа сҳәарц сҭахуп», –  ҳәа иҳәеит иара.

«Аԥсуа бираҟ аҿы аиаҵәа ԥшшәы змоу ацәҳәақәеи ашкәакәа ԥшшәы змоу ацәаҳәақәеи еишьҭагыланы инеиуеит. Ҳаԥсуа бираҟ анаҩс ҳара зегьы бзиа иаабо, акырӡа пату зқәаҳҵо, убасҵәҟьа иҳазгәакьоу аедыгь бираҟгьы ҳамоуп. Иарбан жәларызаалакгьы ахатәы символқәеи абираҟи амазар ақәҿиарақәеи аизҳазыӷьареи аиур алшоит хымԥада.  Аедыгь бираҟ сара сгәаҿы иҷыдоу аҭыԥ ааннакылоит», - ҳәа иҳәеит Нхыҵ Кавказынтәи Аԥсны хатәгәаԥхарала еибашьуаз аветеранцәа рымадара азҵаарақәа рзы Аҳәынҭқарра Ахада иабжьгаҩ Рисмаг Аџьынџьал.

Аныҳәа хыркәшахеит атрадициатә шәаҳәареи адыга жәлар рыкәашара – Адыге джегу рыла. 

 

 


Read 200 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.