АЖӘАБЖЬҚӘА

26.Мшаҧы.2023

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Ирласны аҭакҟаҵаразы иҷыдоу аотриад аусзуҩцәа аҳамҭақәа ранашьара ацеремониа ихы алаирхәит.

Аҟәа. Мшаԥымза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аԥсны Аҳәынҭқарра Ирласны аҭакҟаҵаразы иҷыдоу аотриад аԥҵара хәышықәса ахыҵра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатә далахәын. Ацеремониа мҩаԥысит иахьа Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҟны.

Аслан Бжьаниа Ирласны аҭакҟаҵаразы иҷыдоу аотриад аусзуҩцәа аҳәынҭқарреи Аԥсны жәлари рыхьчараҟны иаадырԥшуа апрофессионализми, агәымшәареи, ахамеигӡареи рзы иҭабуп ҳәа реиҳәеит  .

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа «Амилициа аполковник» ҳәа ахьӡ ихиҵеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Рашь Ҵәыџьба.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба идҵала изаамҭанытәиу иҷыдоу ахьыӡқәа рыхҵоуп: «амилициа аполковникеиҵбы» ҳәа – АА ААР ИАИА акомандир Дадын Чачхалиа, «амилициа аполковникеиҵбы» ҳәа – АА ААР ИАИА азԥхьагәаҭареи иҷыдоу аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгараан аусеицуреи рыҟәша аиҳабы Дмитри Шәқьериа.

Ирласны аҭакҟаҵаразы иҷыдоу аотриад аусзуҩцәа аӡәырҩы ирыхҵоуп «амилициа амаиор», «амилициа акапитан» ҳәа ахьыӡқәа. Аминистр Вальтер Быҭәба идҵала Ирласны аҭакҟаҵаразы иҷыдоу аотриад хаҭалатәи аилазаара иранашьоуп амедалқәеи аҳаҭыртә шәҟәқәеи.

 


Read 175 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.