АЖӘАБЖЬҚӘА

28.Мшаҧы.2023

Аҟәа араион ақыҭанхамҩа аҿиаразы ахықәкытә программа азы 3,5 млн мааҭ азоужьхоит.

Аҟәа. Мшаԥымза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  «Аҟәа араион ақыҭанхамҩа аҿиаразы» ахықәкытә программа анагӡаразы 2023 шықәсазы иазоужьхоит  3,5 млн. мааҭ.

Апрограмма шықәсырацәа изызҳауа  ашәырҵлақәа реиҭаҳара – абаҳчақәа  ршьапы акра  азԥхьагәанаҭоит.

Актәи аетап аҿы апрограмма алахәылацәа алкаахеит. Араион Ахадара аҟны акомиссиа аԥҵоуп. Уи апретендентцәа рҟынтәи иаауа арзаҳалқәеи аусшәҟәқәеи иахәаԥшны азыҳәамҭақәа рақәшаҳаҭреи, мамзаргьы мап ацәкреи рзы аӡбамҭақәа аднакылоит.

Аҩбатәи аетап аусмҩаԥгатәқәа рфинанстәра азԥхьагәанаҭоит.  Афинанстәра ахыҵхырҭақәаны иҟалоит 2023 шықәсазы ақыҭанхамҩа аҿиаразы иазԥхьагәаҭоуп араион абиуџьеттә хархәагақәа.

Апрограмма алахәхаразы апретендент жәаҳәарада Аҟәа араион датәызароуп, ақыҭараҿы дынхозароуп, ԥхынгәымза 31 аҟынӡа Ахадара ахь  шәҟәыла иҩны арзаҳал наишьҭыроуп.

Апретендент иахәҭоу аусшәҟәқәа еиқәиршәароуп, иара убас апроекти уи иақәхарџьхо аԥаратә хархәагақәеи ашәырҵлақәа ахьаҭахо адгьыл анализ зну адырранҵеи акомиссиа ахь инаишьҭыроуп.

Апрограмма ахықәкы хадақәа –   аҭыԥантәи ақыҭанхамҩатә аалыҵ аҭыԥантәи аџьармыкьа аҿы аконкурентлшара ашьҭыхра;

Ақыҭанхамҩа аалыҵ аҭыжьра аизырҳара;

Ақыҭа ауааԥсыра усурала реиқәыршәареи ақыҭақәа рыҿиареи алыршара.

2022 шықәсазы Араион Ахадара аиԥш-зеиԥшу апрограмма хнаркәшеит. Зынӡа ишьақәырӷәӷәан ззеиԥш еицҵалыҵ  3 млн. 452 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоз 12 проект. 11 проект шықәсырацәа изызҳауа ашәырҵлақәа (абҳәаса, абҳәа, афеихоа, амандарин, ажь), реиҭаҳәара иазкын, проектк –   акартош аиҭаҳара иазкын.


Read 196 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.