АЖӘАБЖЬҚӘА

29.Мшаҧы.2023

Инал Арӡынба: «Аԥсны ԥыхьатәи Асовет Еидгыла аҵкыра аҿы имҩаԥысуа аинтеграциатә процессқәа иадгылоит».

Аҟәа. Мшаԥымза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Мшаԥымза 29 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба азинеиҟарара апринцип ала ишьақәгылоу адунеишьақәгылара азы аконференциа ду ихы алаирхәит.   

Аклнференциаҿы уи алахәылацәа азинеиҟарара апринцип ала еиҿкаау адунеишьақәгылара аҿиара иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.

«Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа ҳаамҭазтәи асистема мыцхәы аҭышәынтәала знымԥшуа акакәны иҟоуп. Ҳара зегьы иахьа иаабоит адунеи аҿы ӷәӷәала иҟоу аиҭакрақәа, азинеиҟарара апринцип ала адунеишьақәгылара аҿиара аԥырхагахара азы аколлективтә Мраҭашәара аҿазышәарақәа. Адунеи аполитикатәи  аекономикатәи, уҳәа амчра зегьы ҳәынҭқаррак ампыҵакра апринцип ала шьҭа изышьақәгылаӡом. Аҭоурых уи зеӷьаҟам ала иаҳнарбоит», - ҳәа аконференциа алахәылацәа рахь иҟаиҵаз ивидеоааԥхьараҟны  инаҵшьны иазгәеиҭеит аминистр.  

Инал Арӡынба иажәақәа рыла, иахьа еиҳа-еиҳа рхыԥхьаӡара иацлоит аполицентризм  ҳәа изышьҭоу, жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рсистемаҿы адунеитә политика аҿиара анырра ӷәӷәа азҭо еиҳа иӷәӷәоу аҳәынҭқаррақәа, мамзаргьы аблокқәа рыҟазаара азԥхьагәазҭо, аха убри аан жәларбжьаратәи азин, азинеиҟарара, ажәлар маҷқәеи амилаҭқәеи рзинқәа ҳаҭырқәҵарала рызнеиреи апринципқәа рыла ишьаҭарку адунеишьақәгылашьа иадгыло аҳәынҭқаррақәа.

Аминистр иара убас «Аԥсны ԥыхьатәи Асовет Еидгыла аҵакыраҿы Урыстәылатәи Афедерациа аԥшьгаралеи адгыларалеи имҩаԥысуа аинтеграциатә процессқәа ирыдгылоит» ҳәа иазгәеиҭеит.  Ас еиԥш азнеишьақәа Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аполитика Аконцепциа,  иара убас 2014 шықәсазы Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи  ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭраҿы иарбоуп».

Инал Арӡынба игәаанагарала, ԥыхьатәи Асоветтә Социалтә Республикақәа Реидгыла аҵакыра аҿы аинтеграциатә процессқәа рактивизациа инарҭбаау асуверентә ҳәынҭқаррақха Реидгыла ашьақәгылара ахь инанагар алшоит.

 

 


Read 272 times - Аҩаша, 02 Лаҵара 2023 12:42
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.