АЖӘАБЖЬҚӘА

02.Лаҵара.2023

Аҟәа ақалақь аҿы Одесса ақалақь, лаҵарамза 2, 2014 шықәсазы иҭахаз ргәалашәара иазкны акциа мҩаԥыргеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны имҩаԥысит акциа «Аҟәа-Одесса». Уи Одесса ақалақь, лаҵарамза 2, 2014 шықәсазы иҭахаз ргәалашәара иазкын.  

Акциа иалахәыз амшын ихырҵеит ақьаад иалхыз 48 ӷба, убри аҟара ауаа ҭахеит усҟан иҟалаз атрагедиа аҿы, ҳәа адырра ҟанаҵоит Москватәи Акультра-усуратә Центр «Москва-Аҩны» апресс-маҵзура.

Абар ҩышықәса инеиԥынкыланы имҩаԥгахо ари аусмҩаԥгатә аиҿкаара рхахьы иргеит акультуратә фонд «Платформа», ауаажәларратә еиҿкаара «Аԥсны иқәырхо Урыстәыла атәылауаа рзинқәа рыхьчаразы Ацентр». Убри аан адгылара ҟанаҵеит Аԥсны иқәынхо урыстәылатәи аидгьылуаа Рассоциациа.

Акциа рхы аладырхәит Аԥсны аҳәынҭқарратә университет, Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу Москватәи Акультура-усуратә Центр «Дом Моквы», Гәылрыԥшь араион Ахадара, ауаажәларратә еиҿкаара «Гәылрыԥшь», Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура азы Ахаҭарнакра, уҳәа  ахаҭарнакцәа, иара убас Иу. Н. Воронов ихьӡ зху аҟәатәи абжьаратәи ашкол №3 аҵаҩцәа.

 

 


Read 186 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.