АЖӘАБЖЬҚӘА

18.Лаҵара.2023

Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра амаругақәа рыла аиқәыршәара азы иаарту аконкурс мҩаԥнагоит.

Аҟәа. Лаҵарамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахылаԥшратә абжьараҽҳәаратә хықәкытә программа «2023-2025шш. амҩаҿы аныҟәаратә ԥҟарақәа реилагара автоматтә фиксациа асистема аҿиара»  анагӡаразы аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҭаххрақәа рзы амаругақәа рыла аиқәыршәара азы иаарту аконкурс мҩаԥнагоит.

Аҳәынҭқарратә ҿаҵа зызку - Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҭаххрақәа рзы амаругақәа рыла реиқәыршәара ауп.

Иаарту аконкурс аиҿкаара ахахьы иагоит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҟны иҟоу аконкурстә комиссиа. Уи аилазаараҿы иҟоуп Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа, афинансқәа Рминистрра, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахаҭарнакцәа.

Аконкурс алахәхаразы азыҳәамҭақәа ралаҵара аҽҳәара –  лаҵарамза 18 инаркны рашәарамза  1, 2023 шықәса, асааҭ 18:00 рҟынӡа.

Иаарту аконкурс алахәхаразы азыҳәамҭақәа ралаҵара ҟалоит абри аҭыӡҭыԥ ала: ақ. Аҟәа, Ак. Марр имҩаду, ахыбра №35. Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра  Аусмҩаԥгарҭа (Аканцелиариа).  

Аконкурстә зыҳәамҭақәа зҭоу аконвертқәа рхыртра рашәарамза 2, 2023 шықәсазы аконкурстә комиссиа ала имҩаԥгахоит.  Аконкурстә документациа абара ҟалоит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә саит https://mvdra.org/documents/14060/аҿы.


Read 202 times - Аԥшьаша, 18 Лаҵара 2023 16:21
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.