АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Рашәара.2023

Лаҵарамза, 2023 шықәсазы аҳазылхратә шәатәқәа рыплан 116% рыла инагӡоуп.

Аҟәа. Рашәарамза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Лаҵарамза, 2023 шықәсазы  233,1 млн. мааҭ рыла ишьақәырӷәӷәаз аплан ала иҟаҵаз аҳазылхратә шәатәқәа  270,2 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Убас ала, лаҵарамзазы аплан  116% рыла инагӡахеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы.

Иҳаҩсыз ашықәс, лаҵарамза арбагақәа ирҿырԥшны уахәаԥшуазар, сынтәа аҳазылхратә шәатәқәа реицҵалыҵ  23,7 млн. мааҭ рыла еиҳахеит, лаҵарамза, 2022 шықәсазы уи – 223,8 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡон.

Ҳазҭоу ашықәс 5 мыз ирылагӡаны  аҳазылхратә усбарҭақәа рыла иахыԥхьаӡалахеит 1 млрд 160,8 млн. мааҭ. Уи 2022 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы арбагақәа раасҭа   107,8 млн. мааҭ рыла еиҳауп. 

2023 шықәса хәымз рзы 1 млрд 053,0 млн. мааҭ рыла ишьақәырӷәӷәоу аплантә рбага 110% рыла инагӡоуп.


Read 242 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.