АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Рашәара.2023

Аԥсны Афонд «Аԥснытәи аҭоурыхтә еилазаара» аԥырҵеит.

Аҟәа. Рашәарамза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Азеиԥш ҭоурыхтә культура ашьақәгылара, аҭыԥантәии адунеизегьтәии аҭоурых аларҵәареи аилыркаареи, амилаҭтә гәалашәареи аҭоурых-культуратә ҭынха аобиектқәеи рыхьчара хықәкыс иҟаҵаны, лаҵарамза 2023 шықәсазы иаԥҵан Афонд «Аԥснытәи аҭоурыхтә еилазаара» (Афонд «ААЕ»).

Афонд анаукатә ҭҵаараеқәа адгылара рыҭара, Аԥсны аҵарауаа русура аихшьаалақәа рыларҵәара амҩаԥгара иазкуп. Уи иара убас абарҭ ахыдҵақәа нанагӡалоит:

–  архивтә усшәҟәқәа рҟынӡа иаарту анаӡара алыршара;

–   аҭоурыхтә ҵарадырра адгылара аҭара;

–   иреиӷьу арҵаҩцәеи аҭҵааҩцәа ҿарацәеи аџьшьара рыҭара алыршара;

–  арккаратә ресурс ҿыцқәа раԥҵара (Аинтернет, Ателехәаԥшра, арадио, уҳәа егьырҭ амассатә информациа ахархәагақәа рыла).

Афонд аусура абарҭ ахырхарҭақәа рыла имҩаԥыслоит: 

–      аҭҵаарадырратә усура; 

–  аҭоурыхтә информациа аизгара, аларҵәара, аиқәырхара;

– аекспедициатәии аҭыжьратәии аусура анагӡара;

– ауаажәларратә усмҩаԥгатәқәа аконкурсқәа, аолимпиадақәа, астол гьежьқәа рымҩаԥгара;

– апремиақәеи астипендиақәеи ранашьара.

Иреиҳаӡоу аколлегиалтә усбарҭа – Афонд анапхгараҭара иалалеит Аԥсны аҭоурых азы 8-ҩык аспециалистцәа: А.Ф. Аҩӡба (анапхгараҭара ахантәаҩы), И.В. Агрба (анапхгараҭара амаӡаныҟәгаҩ),  Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа иатәу Д. И. Гәлиа ихьӡ зху агуманитартә ҭҵаарақәа Ринститути Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университети рҟынтәи ахаҭарнакра зуо О.Х. Бӷажәба,  С.Ш. Салаҟаиа,  В.З. Чамагәуа,  А.Иа. Дбар,  А.С. Габелаиа, С.З. Лакоба.

Актәи аилатәараҿы Афонд ахантәаҩыс далырхит аҭоурыхтә наукақәа ркандидат Станислав Лакоба.


Read 265 times - Аҩаша, 06 Рашәара 2023 15:24
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.