АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Рашәара.2023

Амилициа аусзуҩцәа Гагреи Очамчыреи ақалақьқәа рҿы 18 цыра амаининг арҳара иазку аппаратқәа рымхра мҩаԥыргеит.

Аҟәа. Рашәарамза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Амилициа аусзуҩцәеи Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәеи Аҳәынҭстандарти "Амшынеиқәафымцамчи" русзуҩцәеи акриптовалиута арҳара азы изакәанымкәа аусура аарԥшреи аԥхьырҟәҟәаареи ирызку аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгараан Гагреи Очамчыреи ақалақьқәа рҿы 18 цыра амаининг арҳара иазку аппаратқәа рымхра мҩаԥыргеит.

Гагра ақалақь,  Лакоба имҩа ала игылоу ахыбра аҿы иԥшаан иагьимырхит Клавишев Даниил Владислав-иԥа итәыз аппаратқәа  7.

Очамчыра ақалақь, Гәлиа имҩала игылоу, Квирквелиа Мераб Зураб-иԥа иҩны аҿы иԥшаан иагьимырхит   11 аппарат.

Ақалақьтә усбарҭақәеи аҩныҵҟатәи аусқәа атерриториалтә ҟәшақәеи ареспублика иахьаҵанакуа изакәанымкәа акриптовалиута арҳара аиадҳәалоу афактқәа раарԥшреи рыԥхьырҟәҟәаареи рзы иааиԥмырҟьаӡакәа ареидтә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргоит. 

 

 


Read 253 times - Аҩаша, 06 Рашәара 2023 16:25
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.