АЖӘАБЖЬҚӘА

07.Рашәара.2023

Алеқсандр Анқәаб аргылара азҵаарақәа рзы аилацәажәара мҩаԥигеит.

Аҟәа. Рашәарамза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делбеи шьаҭанкылатәи аргылара Аусбарҭа аиҳабы Ҭемыр Агрбеи алархәны 2023 шықәсазы иазԥхьагәаҭоу  аргыларатә усурақәа рымҩаԥгара иазку  азҵаарақәа рзы аилацәажәара мҩаԥигеит.

Иарбоу аобиектқәа рҿы аусурақәа рфинанстәра мҩаԥысуеит Аԥсны абиуџьет ахатәы ԥаратә хархәагақәа рыла. Зынӡа асиа иҭагалоуп 73 усмҩаԥгатә. Урҭ рыхәԥса  270 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

Убас зеиҭашьақәыргылара, мамзаргьы зыргылара азԥхьагәаҭаны Аҟәа ақалақь аҿы иҟоуп 14 обиект, урҭ рыхәԥса азеиԥш еицҵалыҵ  44 млн. 542 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит. ;

Гагра араиони Пицунда ақалақьи рҿы 8 обиект, урҭ рыхәԥса азеиԥш еицҵалыҵ  25 млн. 842 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит. ;

Гәдоуҭа ақалақь аҿы 13 обиект, урҭ рыхәԥса азеиԥш еицҵалыҵ  57 млн. 946 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит. ;  

Аҟәа араион аҿы 6 обиектк, урҭ рыхәԥса азеиԥш еицҵалыҵ  21 млн. 800 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит. ; 

Гәылрыԥшь араион аҿы 8 обиектк, урҭ рыхәԥса азеиԥш еицҵалыҵ 25 млн. 899 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит. ; 

Очамчыра араион аҿы 14 обиектк, урҭ рыхәԥса азеиԥш еицҵалыҵ 62 млн. 482 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит. ; 

Ҭҟәарчал араион аҿы 8 объектк, урҭ рыхәԥса азеиԥш еицҵалыҵ 22 млн. 793 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит. ; 

Гал ақалақь аҿы иазԥхьагәаҭоу аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рыхәԥса азеиԥш еицҵалыҵ  8 млн. 663 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит. ;   

Аилатәара аихшьаалақәа рыла, атәыла аԥыза-министр адҵақәа ҟаиҵеит. Афинансқәа Рминистрра ианаамҭоу иазԥхьагәаҭоу аусмҩаԥгатәқәа рфинанстәра амҩаԥгареи ауааԥсыра имҩаԥысуа аусурақәа рзы адырра рыҭареи рзы азԥхьанҵа ҟаҵоуп. Шьаҭанкылатәи аргылара Аусбарҭа ихадоу акритери – аусурақәа зегьы ахаҭабзиара аҳаракра ахымԥадатәра шьаҭас иҟаҵаны аҭакԥхықәра анагӡара азы абжьгара аҭоуп.

Иара убас, Алеқсандр Анқәаб Шьаҭанкыла аргылара Аусбарҭа анапхгаҩы хара имгакәа аусурақәа рымҩаԥгара иахьалагахьоу аобиектқәа рҿы иҟоу аҭагылазаашьазы адырра ииҭарц азы адҵа иҭеит.


Read 331 times - Ахаша, 07 Рашәара 2023 21:50
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.